Ақьиара амш азгәаҭан ҳтәылаҿы. Акультура-гәыҳалалратә фонд “Ашана” имҩаԥнагеит "Ақьиара аурок" захьӡу акциа. Есышықәса ари амш еиуеиԥшым аформақәа рыла имҩаԥыргоит, сынтәа уи ишазнеиз атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит афонд “Ашана” аиҳабы Мактина Џьынџьалԥҳа.
"Еиԥшым алшарақәа – еиԥшу азинқәа" ҳәа захьӡыз аурокқәа мҩаԥган ашколқәа рҿы. Ахәыҷқәа ирзеиҭаҳәан згәы бзиам ауааи егьырҭи рзинқәа шеиҟароу. Урҭ рҿаԥхьа рхы мҩаԥыргар шахәҭоу, ирԥыло ауадаҩрақәа. Даара сгәы иахәеит сара имҩаԥызгоз аурок аҿы ахәыҷқәа активла рхы ахьаадырԥшуаз. Сынтәа Ақьиара аурок акивла имҩаԥысуан ашколқәа рҿы. Афотосахьақәа ҳзаарышьҭуан. Урҭ асоциалтә даҟақәа рҿы иаҳкьыԥхьуан. Ашколқәа зегьы рызнеишьа хаз-хазын. Аха иазгәаҭатәуп, аурокқәа хықәкыс ирымоу ахәыҷқәа ақьиара рылааӡароуп. Аԥареизгара хықәкыс иамаӡам", - ҳәа инаҵылшьит Џьынџьалԥҳа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.