АҞӘА, абҵара 14 - Sputnik. Урыстәыла "Мраҭашәаратәи" ар ргәыԥ аруаа Купиансктәи ахырхарҭаҿы уахыки-ҽнаки рыла ажәыларақәа ааба аԥдырҟәҟәааит ҳәа аанацҳауеит атәылахьчара аминистрра.
"Урыстәыла "Мраҭашәаратәи" ар ргәыԥ аруаа Купиансктәи ахырхарҭаҿы, Харьковтәи аобласт, Синьковкеи Загоруиковкеи иахьаҵанакуа уахыки-ҽнаки рыла УАМ 32-тәи, 57-тәи, 67-тәи абригадақәа ржәыларақәа ааба аԥдырҟәҟәааит авиациеи артиллериеи рхархәарала. Аӷа ицәыӡит 155 еибашьҩы, ҩ- пикапк", – аҳәоит адырраҭараҿы.
Краснолимантәи ахырхарҭаҿы иаԥырҟәҟәаауп ажәыларақәа фба, Киев иацәыӡит ишьни ихәни 210 солдаҭ, аршьаҟауаа рмашьына "Bradley", автомашьынақәа хԥа, агаубица М119 "Paladin".
Донецктәи ахырхарҭаҿы иаԥырҟәҟәаауп ажәыларақәа хәба, Киев иацәыӡит ишьни ихәни 300 солдаҭ, ҩ-кәылӡмашьынак, х-пикапк, агаубица "Мста-Б".
Алада-Донецктәи ахырхарҭаҿы УАМ 79-тәи адесант-жәыларатә бригада ажәылара аԥырҟәҟәаауп, ааха аҭоуп аҵакырахьчаратә 128-тәи абригада. Иҭархоуп 60 еибашьҩы, акәылӡтранспартиорқәа ҩба, ҩ-автомашьынак, артиллериатә шьақәгыла "Акациа".
Запорожиатәи ахырхарҭаҿы УАМ иацәыӡит 75 еибашьҩы, ҩ-кәылӡмашьынак, артиллериатә система М777, абзарбзан М-46, агаубица Д-30, Херсонтәи ахырхарҭаҿы –95 солдаҭ, автомашьынақәа ԥшьба, артиллериатә шьақәгыла "Krab", ҩ- артиллериатә шьақәгыла "Гвоздика", РСЗО "Град" ҭархоуп. А
оператив-тактикатә авиациа, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа, аракетатәи артиллериатәи ар 82 раион рҿы УАМ аруааи атехникеи ааха рырҭеит. Ааха аҭоуп 79-тәи адесант-жәыларатә бригада акомандаҟаҵарҭа. Аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа уахыки-ҽнаки рыла икарыжьит аицҭырҟьаратә система HIMARS ареактивтә хгәыцәқәа ҩба, авиациатә бомба JDAM. Иара убасгьы аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 23 кажьуп.