Урыстәыла ахада иалхрақәа

Владимир Путин Урыстәыла ахада иалхразы азакәан ариашарақәа шьақәирӷәӷәеит

Урыстәыла ахада иалхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп 2024 шықәсазы. Афедерациатә хеилак ԥхынҷкәын 13 рзы аилатәараҿы алаҳәара ҟанаҵар ҟалоит алхрақәа ррыцхә азы, заанаҵтәи азгәаҭарала хәажәкыра 17 азы акәхар алшоит.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 14 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин "Урыстәыла ахада иалхразы" азакәан ахь ариашарақәа шьақәирӷәӷәеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости азинтә актқәа рофициалтә саит аҿы иану адокумент шьаҭас иҟаҵаны.
Аиҭакрақәа ирыҵаркуеит иарку аресурсқәа рҟны агитациаҟаҵара, алхрақәа раан АИХқәа русура ҳәа амаҵзура иазеиҭеиҳәеит аконституциатә еилакы ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Владимир Полетаев.
"Арахь иаҵанакуеит аџьатә шьаҭа змоу аилаӡарала аус зуа АИХқәа рхаҭарнакцәа мацара алхратә еилакырақәа реилатәарақәа рахь рынашьҭра, архәҭақәа рҿы иаарту алхырҭатә ҭыԥқәа рҿы афотои авидеои ҭыхрақәа рыԥкра, архәҭақәа ркомандаҟаҵаҩцәа рақәшаҳаҭрала аккредитациа змоу АИХқәа рхаҭарнакцәа аалхны", - ҳәа иҳәеит иара.
Аиҭакрақәа ирыҵаркуеит арратә ҭагылазаашьа ахьрылаҳәоу асубиектқәа рҿы алхрақәа рымҩаԥгара. Уа абжьыҭарақәа рымҩаԥгара алшоит Атәылахьчара аминистрреи, Ашәарҭадаратә маҵзуреи, арегион ахадацәеи АКХи реицәажәара ашьҭахь.
Уи адагьы аҳәаанырцә абжьыҭарақәа рымҩаԥгара аԥҟарақәа шьақәырӷәӷәоуп, абжьыҭаратә аамҭа ԥсаххар ҟалоит ашәарҭадара ахықәкы азы.
Урыстәыла ахада иалхрақәа
Урыстәыла ахада иалхра арыцхә инықәырԥшны иазгәаҭоуп