Аԥсны

30 кьыла аканнабис идырбалеит Мархьаул ақыҭа анхаҩы

Аныцә - анаркотик злоу ҵиаауп, уи Аԥсны аҵакыраҿы аарыхра азин ыҟам.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 15 - Sputnik. 30 кьыла раҟара анаркотикатә маҭәашьар аканнабиси аладакраснодартәи аныцә шьаҭақәа 86-еи идырбалеит Мархьаул ақыҭа анхаҩы Едвард Мангурсузиан. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Мангурсузиан идгьыл аҿы игылоу Уаҩ дахьыҩнам ахыбраҿы ирбеит 44 шьыҵәра аныцә, урҭ арԥшшаразы икнаҳаны иман. Иара убас ирбеит ари аҵиаа абыӷьқәа ҿыхны, уи адагьы 290 гәыцә.
63 шықәса зхыҵуа Мангурсузиан иҿы иқәшаҳаҭхеит иара ихала аныцә шааирыхуа, иширҩо, Урыстәыла аҵакыраҿы - Адлер ишиҭиуа.
Иара убас иҩны аҟынтәи 300 метра раҟара ахьыбжьоу ирбеит 86 ныцә шьапы ахьазҳауаз аплантациа. Едвард Мангурсузиан имашьынаҿы иара убас ирбеит апластикатә ҭрақәа ҩба аҭиразы иазырхиаз анаркотикатә маҭәашьар ҭаны.
Анаркотикқәа зегьы имхуп, ашьаус хацыркуп. Едвард Мангурсузиан даанкылоуп.