АҞӘА, абҵара 15 - Sputnik. Афонд "Ашана" акциа "Ҳаидгыланы аԥсҭазаара еиқәҳархап" аус ауеижьҭеи 12 шықәса рыла 427-ҩык ахәыҷқәа ацхыраара рынаҭахьеит. Абри атәы еиҭарҳәеит афонд апресс-маҵзураҿы.
"Иҳаҩсыз 12 шықәса рыла ачымазара бааԥсқәа змоу ахәыҷқәа рыхәышәтәра иазоуҳажьхьеит 101,87 миллион мааҭ", – ҳәа ануп адырраҭараҿы.
Арҭ аԥарақәа рыла аҽыхәшәтәра 621 курс ирзоужьын. Уи адагьы, арҭ ашықәсқәа ирылагӡаны имҩаԥган агәыҳалалратә акциақәа 260.
Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" Аԥсны иаԥҵан 2008 шықәса рзы. 2012 шықәса ажьырныҳәамзазы уи имҩаԥнагеит ахәыҷы ихәышәтәразы аԥареизгаразы раԥхьатәи акциа.
Иахьатәи аамҭазы афонд аусура ахырхарҭа хадақәа иреиуоуп Аԥсны згәабзиара зҩыдоу ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара аизҳара. Ари ахықәкы анагӡаразы имҩаԥыргоит акциа "Ҳаидгыланы аԥсҭазаара еиқәҳархап", уи аҳәаақәа ирҭагӡаны афонд згәабзиара бааԥсӡоу ахәыҷқәа рыхәышәтәразы ауааԥсыреи аиҿкаарақәеи рҟынтәи аԥара еизнагоит.