Арадио

Анқәабԥҳа Аԥсны ашьақар чымазара змоу рзы: рхыԥхьаӡара иацлоит рҽахьгәарымҭо иахҟьаны

Sputnik
Абҵара 14-15 рзы имҩаԥысуеит акциа "Иҭышәынтәалоу ашьақар". Уи еиҿкаауп Адунеизегьтәи ашьақар чымазара аҿагылара амш инамаданы. Иабанӡамоу ҳтәылаҿы ари ачымазара актуалра, иара заанаҵы агәаҭара шԥалыршахо, аҳақьымцәа рабжьгарала ашықәс иалагӡаны шаҟантә ауаҩы ишьақар гәаиҭар ахәҭоу? Абарҭи егьырҭ азҵаарақәеи арадио Sputnik аефир аҟны рҭак ҟалҵеит Ареспубликатә хәышәтәырҭеи Гәдоуҭатәи араионтә поликлиникеи рендокринолог Рената Анқәабԥҳа.
"Ашьақар чымазара аендокринтә системаҟны актәи аҭыԥ ааннакылоит. Араионқәа зегьы рҟны акциа мҩаԥысуеит, изҭаху неины ршьақар хәыда-ԥсада иршәар ауеит. Ршьақар ҳаракызар, аҳақьым иахь идәықәырҵоит. Есышықәса ус еиԥш ачымазара змоу рхыԥхьаӡара иацлоит, избанзар ҳауаажәлар рыҽгәарҭаӡом. Ахәышәтәырҭахь ргәабзиара зеиԥшроу аилкааразы ицалароуп мыцхәы изцу, зҿы ҭабо, есымша иӡышуа. Ареспубликатә хәышәтәырҭахь инеиуа ауаа ршьақар дууп, 30 инеиҳаны измоугьы ыҟоуп. Ауаа срыҳәоит ашьыжь акрымфаӡакәа инеины ршьақар аҩаӡара гәарҭарц", - лҳәеит аҳақьым.
Лара иазгәалҭеит, ҵыԥх ашьақар агәаҭаразы акциа аан ирыдҵаалаз 50% ачымазара шрымаз шьақәырӷәӷәан ҳәа. Шықәсык иалагӡаны ичмазаҩым ауаҩы ҩынтә иадамхаргьы ишьақар гәеиҭароуп лҳәеит аендокринолог.