Аԥсны

Аслан Бжьаниа Урыстәыла АШәМ ахада Александр Бортников иирамш идиныҳәалеит

Урыстәыла Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура 2008 шықәса раахыс иахагылоу Александр Бортников иахьа 72 шықәса ихыҵит.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 15 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Урыстәыла АШәМ ахада Александр Бортников иирамш идиныҳәалеит. Абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Адныҳәалараҿы иазгәаҭоуп Бортников иџьатә нысымҩаҿы еилыхха ишубо иԥсадгьыл хымшаҭарада амаҵ шазиуа, аҩнуҵҟатәии адәныҟатәии ашәарҭарақәа ишахәҭоу рҭак ҟаҵо.
"Ҳара даара пату ақәаҳҵоит аԥсуа-аурыс еизыҟазаашьақәа рырӷәӷәаразы шәара шәлагала, аԥсуеи аурыси ҳәынҭқаррақәа рзеиԥш тәылахьчареи рҳәынҭқарратә ҳәаақәа рыхьчареи аҿы ҳаилибакаара, ҳусеицура ахә ҳаракны иаҳшьоит", - ҳәа ҷыдала иануп адныҳәалара атекст аҿы.
Аԥсны ахада Александр Бортников изеиӷьеишьеит аизҳазыӷьара, агәабзиара, Иԥсадгьыл амаҵ аураҟны алҵшәа бзиақәа.