Аԥсны

Аԥснытәи ашколхәыҷқәа апрограмма "Умницы и умники" иалахәхоит

"Умницы и умники" - ателехәаԥшратә интеллектуалтә олимпиадоуп. Хышықәсоуп аԥснытәи ашколхәыҷқәа рхы аладырхәуеижьҭеи.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 14 - Sputnik. Аԥснытәи ашколхәыҷқәа ателехәаԥшратә олимпиада апрограмма "Умницы и умники" иалахәхоит ҳәа аанацҳаит Аԥсны аҵара аминистрра.
Аԥснытәи акоманда иалахәхоит: Лаура Ажьиԥҳа (Гагратәи ашкол №1), Аслан Ҭарба (Бамборатәи ашкол), Лана Қриаԥҳа (Тҟәарчалтәи ашкол №2). Апрограмма аҭыхрақәа мҩаԥгахоит абҵара 16 - 18 рзы. Алахәылацәа амҩаԥгаҩ изҵаарақәа рҭак ҟарҵоит. Атема: аимператор Александр III, Урыстәылатәи Арктика агеографиеи аҭоурыхи, 1944 шықәса адунеи аҿы.
"Умницы и умники" - ателехәаԥшратә олимпиадоуп, "Актәи аканал" аефир аҿы иҟоуп 20 шықәса инареиҳаны. Адырраҭара "Умники и умницы" аҟны аиааира зго ашколхәыҷқәа раԥхьаҟа аҵаратә усҳәарҭақәа рҭалараҿ ирыцхраауеит, МГИМО аҭалараҟны альготақәа рыҭахоит.
2023 шықәсазы Лина Аиԥҳа ателеолимпиада "Умницы и умники" аҟны афинал ахь днеит, амҩаԥгаҩ Иури Виаземски апрограммахь теоретикк иҳасаб ала днеиԥхьеит.
Аԥсны
Лина Аиԥҳа аицлабра "Умники и умницы" афинал далахәын