Алитератураҭҵааҩ, ауаажәларратә усзуҩ, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, Аԥсны Зҽаԥсазтәыз аҭҵаарадырра аусзуҩ, "Ахьӡ-Аԥша" аорден III аҩаӡара занашьоу, Гь. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, адоцент Уасил Аҩӡба 65 шықәса ихыҵит. Аҵарауаҩ иныҳәамш аҽны арадио Sputnik аефир аҟны даҳзалацәажәеит изанааҭ, ихатә ԥсҭазаара, игәҭакқәа ртәы.
Жәохә шықәса инареиҳаны Д. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт напхгара аиҭон. Уасил Шамониа-иԥа аџьабаа ду адибалеит аибашьраан иқәыццышәааз аҭҵаарадырра ахәышҭаара аиҭарҿиара, иара дзышьҭаз, иагьынаигӡаз ахыдҵа хадақәа иреиуоуп Аԥсуа институт аҿы аԥсышәала адиссертациақәа рыхьчара алыршареи, ақыҭақәа рҿы дырҩегь афольклор анҵара азыхынҳәреи уҳәа аԥсуа ҭҵаарадырразы аихьӡарақәа жәпакы.
Иара инапы иҵыҵит ашәҟәқәа: "Аԥсуа роман", "Аамҭа ашьҭақәа", "Алаԥшҳәаа", ҩ-томкны еидикылаз агазеҭ "Аԥсны" 1919–1921 шықәсқәа, убас хыԥхьаӡара рацәала астатиақәа, аԥхьажәақәа, ажәахәқәа. Еизганы иҭижьхьеит ашәҟәыҩҩы Мушьни Аҳашба акьыԥхь зымбацыз иҩымҭақәа. Иара убас ааигәа ҩ-томкны иҭыҵыз "Аԥсуа енциклопедиа" аредактор хадас дамоуп.
"Ҽнак 7- 8 сааҭ аусура, аҩра, акьыԥхьра сылшоит. Иҟоуп иаҳа ианеиҵоу, хәыҷык санахысуа, аха ари аамҭа еиҳаны алҵшәа ԥсыҽхоит. Уи ашьҭахьгьы аамҭа, аҭагылазаашьа сымазар, акы саԥхьоит, ак сгәаласыршәоит", - иҳәеит Аҩӡба.
Аҵарауаҩ иазгәеиҭеит насыԥ змоу уаҩны ихы шиԥхьаӡо.
"Насыԥ сымоуп, ҳәарас иаҭахуи, аха шьоук реиԥш исҳәаӡом иааҟасҵаз зегьы бзиоуп, схазыноуп зегь рыла, даҽазнык амҩа санылар убас сықәсуан ҳәа. Мап. Агхақәа сыман, исырҽеиша ыҟан, аха иааидкыланы сахьынӡааиз сааит, исылшаз сылшеит", - иҳәеит Аҩӡба.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.