Урыстәыла

Ирҿыцу алаҵа "Спутник" ԥхынҷкәынмзазы ицәырҵыр ҟалоит

2023 шықәса лаҵарамзазы Адунеизегьтәи агәабзиарахьчаратә еиҿкаара COVID-19 апандемиа нҵәеит ҳәа аҳәамҭа ҟанаҵеит, аха ахьҭақәа аныҟала ачымазара еиҭа аҽышьҭнахуа иалагеит.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 15 – Sputnik. Ирҿыцу алаҵа "Спутник" аклиникатә ԥышәарақәа хыркәшоуп, "Спутник Лаит" ԥхынҷкәынмзазы ицәырҵыр ҟалоит ҳәа адырра ҟанаҵоит РИА Новости, Гамалеи ихьӡ зху аепидемиологиеи амикробиологиеи Рмилаҭтә ҭҵаарадырратә центр аиҳабы Александр Гинцбург иажәақәа шьаҭас иганы.
"Агәабзиарахьчара аминистрреи ҳареи ишеибаҳҳәаз еиԥш ҳақәиҭыртәыр, ԥхынҷкәын раԥхьатәи жәамш рзы (10-15 рҟынӡа) "Спутник Лаит" ауаажәларрахь инеиуеит... Аклиникатә ԥышәарақәа хыркәшоуп, аха аҳасабырба макьана иҟаҵаӡам", – иҳәеит Гинцбург.
Ирҿыцу алаҵа аклиникатә ԥышәарақәа ирылагеит ҳәа адырра ҟаиҵахьан Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашко. Иара иазгәеиҭеит уажәтәи "Спутник" излазҵаз ахьчалоит еикәшо COVID-19 аштаммқәа рҟынтәи.
Мчыбжьык иалагӡаны Урыстәыла ахәышәтәырҭақәа ирҭашәеит 5473-ҩык адиагноз "акоронавирустә инфекциа" рыманы, ари 8,5% рыла еиҳауп мчыбжьык аԥхьа иҟаз аҭагылазаашьа аасҭа. Ачымазара амҽхакҭбаара азгәаҭоуп Урыстәыла асубиектқәа 70 рҿы, ахәышәтәырҭақәа ирҭашәо рхыԥхьаӡара есааира иацлоит.
Урыстәыла
Амчыбжь аҩнуҵҟа Урыстәыла акоронавирус аҽарҭбааит