Аԥсны

Мрашәахәала иҭәу аҟазара: Борис Ашәба иусумҭақәа рцәыргақәҵа аатит Аҟәа

Борис Ашәба раԥхьатәи ихатәы цәыргақәҵаҿы иӡыргоуп шә-ҭыхымҭак инареиҳаны. Уи аартызаауеит абҵарамза 24 рҟынӡа.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 14 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсуа сахьаҭыхыҩ Борис Ашәба ицәыргақәҵа "Амра ашәахәақәа" аадыртит Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа реидгыла Ацәыргақәҵатә зал хадаҿы абҵара 14 рзы.
Акультуратә уснагӡатә аҭааҩцәа аԥсшәа раҳәо, Аидгыла ахантәаҩы Витали Џьниа ирзеиҭеиҳәеит асахьаҭыхыҩ инысымҩа, иҟазаратә мҩа, ирҿиара аҭбаара, иазгәеиҭеит асахьаҭыхыҩ рҿиаҩык иаҳасабала иҷыдоу аҟазшьа шимоу, аекономикатә ҭҵаарадырра аусхк аҟны апрофессионализм дуи асахьақәа ирныԥшуа иҟыбаҩи шеилаӡҩоу.
1 / 2

Борис Ашәба иусумҭақәа рцәыргақәҵа

2 / 2

Борис Ашәба иусумҭақәа рцәыргақәҵа

Абри дақәшаҳаҭуп апоет Владимир Занҭариагьы Борис Ашәба иҟыбаҩҷыц атәы даналацәажәо.
"Ихадароу, даара иҷыдоу, аҽаӡә идумбало аҟазшьақәа имоуп. Аӡәы дихыԥшылеит, даҽаӡә иусумҭак ихы иаирхәеит ҳәа узҳәом. Иҭыхымҭақәа ирныԥшуа иара иҩнуҵҟатә дунеи ауп. Ари мариаӡам. Иахьа арахь иаагоу аҭыхымҭақәа агәи-аԥси рыхҭынҵоуп. Асеиԥш иҟоу аусумҭақәа жәларбжьаратәи астандартқәа рыҩаӡарахь ҳхаргалоит", - иҳәеит Занҭариа.
Борис Ашәба – Аҟәатәи асахьаҭыхратә школ даушьҭымҭоуп. Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет аекономикатә факультет далгеит 1989 шықәсазы. Аекономикатә ҭҵаарадыррақәа дыркандидатуп. Иусумҭақәа ҵәахуп ахатәы коллекциақәа рҿы Аԥсны, Урыстәыла, Испаниа, Ҭырқәтәыла.
Арадио
Арсалиаԥҳа асахьаҭыхҩы Борис Ашәба изы: иҿыханҵа Аҟәатәи ашкол атрадициа шьаҭас иамоуп