Аԥсны ашьауӷатә закәан "аҩны аҭакра" ахәҭаҷ аус шауеи, ҳтәыла апрокуратура хада уи азы иамоу агәаанагареи иалацәажәеит арадио Sputnik аефир аҿы Жәлар реизара адепутат, Аҳәынҭқарратә зинтә политиказы акомитет ахада Дауҭ Хәытаба, Ауаажәларратә усзуҩ, анаплакҩы, Ахьтәы Парламент депутатс иҟаз Давид Ԥлиа, аԥышәа змоу азиндырҩы, адукат Леонти Абӷаџьаа.
Адырраҭара "Аҳәатәи аҳәашьеи" амҩаԥгаҩцәа Инал Лазбеи Елеонора Коӷониаԥҳаи аполитикеи, акультуреи, асоциалтә ԥсҭазаареи ирыдҳәалоу азҵаарақәа ганрацәала ирылацәажәалоит. Арадио Sputnik Аԥсны астудиахь иаарыԥхьалоит еиуеиԥшым азҵаарақәа рзы зхатә гәаанагара змоу аполитикцәа, аусдырыҩцәа, ауаажәларратә усзуҩцәа. Адырраҭара ишиашоу ицо аефир аҿы есԥшьаша иҟоуп асааҭ 13 инаркны 14-нӡа.
Аицәажәара инеиҵыхны шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.