Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ажьиԥҳа ателепроект "Умницы и умники" дшалахәхо атәы

Урыстәылатәи ателепроект ахшыҩеизырҳагатә олимпиада "Умницы и умники" иалахәхо Гагратәи актәи абжьаратә школ ажәеизатәи акласс аҵаҩы Лаура Ажьиԥҳа еиҭалҳәеит адырраҭара далахәхартә еиԥш ишыҟалаз атәы.
Sputnik
Ателехәаԥшратә аолимпиада "Умницы и умники" иалахәхоит аԥснытәи ашколхәыҷқәа хҩык Лана Қриа (Тҟәарчалтәи аҩбатәи абжьаратә школ), Аслан Ҭарба ( Бамборатәи абжьаратә школ), Лаура Ажьиԥҳа (Гагратәи актәи абжьаратә школ).
Ателедырраҭара аҭыхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп абҵара 16 инаркны 18-нӡа Москва.
"Сгәы ҭынчӡам, сазыԥшуп, ибзианы схы аасырԥшыр сҭахуп. Аҭакԥхықәра сыдуп ҳәа сыԥхьаӡоит сышкол аҿаԥхьа, сҭаацәа, сырҵаҩцәа, сыуаажәлар рҿаԥхьа. Ҳара еицу иаҳдыруеит Аԥсны ҳауаажәлар ргәы хыҭхыҭуа ишаҳзыԥшуа", - лҳәеит Ажьиԥҳа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.