Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла Газа асектор иҭахахьеит 10 нызқьҩык инареиҳаны ауаа, урҭ рҟынтәи 70% ахәыҷқәеи аҳәсеи роуп. Аанкылашьас иамоузеи ишьаарҵәыроу аибашьра, амилаҭтә аиҿкаара дуқәа рҿымҭара иаанагоузеи, абри азы арадио Sputnik аефир аҿы игәаанагара иҳәеит аполитолог Беслан Ҳагба.
Газа асектор имҩаԥысуеит ишьаарҵәыроу аполитика. Адунеи жәларбжьаратәи акризис аныҟало, еибашьрак, адунеи аҿы иҟало азин аус ауроуп. Газа иҟалаз ахҭыс иаҳнарбоит уи аус шамуа, ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Ҳагба.
"Ауриитә ҳәынҭқарра рҽааныркылаӡом. Аибашьра аҵыхәтәанынӡа инаҳагӡоит рҳәеит, адунеи аҿы иҟоу аҳәынҭқаррақәа акызаҵәык ҳарзыӡырҩӡом рҳәеит. Украина имҩаԥысуаз ахҭысқәа ирыхҟьаны идуӡӡоу аҳәынҭқаррақәа еиҿанагалеит. Ус акәымкәа аҳәынҭқаррақәак еинааланы ақәыӷәӷәара ҟарҵазгьы Израиль аганахьала, рҽааныркылон, аха аиҿагылара иҟоу иахҟьаны аицәажәарахь изкылсӡом. Убри аҟнытә аибашьра аанкылара даара иуадаҩхоит", - азгәеиҭеит Ҳагба.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.