Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Амшын еиқәа аҳауатә ҵакыраҿы атеррористтә жәылара аԥырҟәҟәаан

Sputnik
АҞӘА, абҵара 17 - Sputnik. Урыстәылатәи аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа Ҟрым азааигәара икарыжьит "Нептун" захьӡу украинатәи аӷбаҿагыларатә ракетақәа ҩба, абри атәы аанацҳауеит атәылахьчара аминистрра.
"2023 шықәса абҵара 17 асааҭ 10.40 азы Урыстәылатәи Афедерациа аҵакыраҿтәи аобиектқәа атеррористтә жәылара рзызуырц иаҿыз "Нептун" захьӡу украинатәи аӷбаҿагыларатә ракетақәа ҩба ржәылара аԥырҟәҟәаауп. Иҷаԥшьоз Урыстәылатәи аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа Ҟрым азааигәара украинатәи аракетақәа гәаҭаны иҭадырхеит", - аҳәоит адырраҭараҿы.
Уаанӡа Севастополь агубернатор Михаил Развожаев еиҭеиҳәахьан Урыстәылатәи аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа Северны мол ааигәара аҳауаҿ ацәҟьарақәа шкарыжьхьаз.