Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Логәуа амилаҭтә хдырра алаҟәра ицәырнагаз ауадаҩрақәа ирызкны

Sputnik
Асоциал-економикатә ҭҵаарақәа рцентр аҟны имҩаԥысит "Аԥсуа культура: ашәарҭареи ашәарҭадара иаԥырхагоуи" захьӡу астол гьежь. Иара иалахәын аҵарауаа, ауаажәларратә усзуҩцәа, ацентр аспециалистцәа. Аԥсны аинтеллигенциа реидгыла ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Нугзар Логәуа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит, амилаҭтә хдырра алаҟәра иацу ашәарҭара атәы.
Ҳара иҳамаӡам ҳхатә программа аԥсуара аидеологиа шьаҭас иҟаҵаны хықәкыла ҳацныҟәартә еиԥш, уи зегь раԥхьа игылоу апроблемақәа ируакуп, ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Логәуа.
"Аԥсуаа ҳменталитет ианаалоу ҳаԥсуара афилософиа ашьақәыргылара аҭахуп. Уи ахәыҷқәа инадыркны адуцәа рҟынӡа инагалатәуп. Қәҿиарала иҿиоу аҳәынҭқарра зыҟалаӡом амилаҭтә хдырреи рфилософиеи ианымаалозар. Абызшәа аԥсыҽра змааноу ҳмилаҭтә хдырра аларҟәроуп", - иҳәеит Логәуа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.