Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны иаартхоит Азыҟаҵаратә школ латәарадатәи аҟәша. Аԥсны иреиҳау аҵараиурҭа иҭало уи лшарас ирзаанартуа, ашколхәычқәа рышҽазыҟарҵало атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аинформациеи амедиакоммуникациақәеи рыҟәша анапхгаҩы Алхас Чхамалиа.
Ауниверситет аҭаларазы азыҟаҵаратә школ аус ауеижьҭеи акрааҵуеит, ашықәс иалагӡаны уаҟа аҵара рҵоит 80-100 ҩык рҟынӡа иҳәеит Чхамалиа. Амш аҩбатәи азбжазы аҵара рҵартә еиԥш аҭагылазаашьа рымоуп ажәеизатәи акласс аҵаҩцәа. Ааигәа ауниверситет аректор иқәҵарала Азыҟаҵаратә школ аҟны латәарадатәи аҟәша аартызарц аԥшьган.
"Ари азыҟаҵаратә школ ахь уажәраанӡа иныҟәоз еиҳарак ақалақь иазааигәоу ашколқәа рҟынтәи акәын. Дук хара имгакәа иаартхоит латәарадатәи аформа ала аҟәша. Араионқәа рҟнытәи ҩымш - асабшеи амҽышеи ауниверситет аҟны ирзышьақәыргылахоит азыҟаҵаракәа реихшанҵа. Аӡәы игәы иаанагар ҟалоит ҩымш рыла излазыҟарҵои ҳәа. Инаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп уи ирнаҭо шмаҷымхо, иахьҭало азанааҭ иақәнагахо амаҭәарқәа рыла разыҟаҵара мҩаԥыслоит", - иҳәеит Чхамалиа.
Ауниверситет аҭаларазы азыҟаҵаратә школ аҟны аҵара зҵо мызкы 9 нызқь мааҭ ахыршәаауеит. Аҵара мҩаԥысуеит абҵарамза инаркны лаҵарамзанӡа. Латәарадатәи аформа ала азыҟаҵаратә школ аҟны аҵара иаламгаӡацт, иахьазы иадҵаалахьоу рхыԥхьаӡара ахьмаҷу азы. Латәарадатәи аформа азы ахәԥса макьана ишьақәыргылаӡам, аха уи иаҳа еиҵахоит, иҟалоит аформалтә ҟазшьа аанахәаргьы ҳәа азгәеиҭеит Чхамалиа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.