Арадио

Џьынџьалԥҳа афонд "Ашана" аусуразы: имаҷымкәа алҵшәақәа амоуп

Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" аиҳабы Мактина Џьынџьалԥҳа акциа "Ҳаидгыланы аԥсҭазаара еиқәҳархап" алҵшәа хадақәа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит.
Sputnik
Афонд "Ашана" акциа "Ҳаидгыланы аԥсҭазаара еиқәҳархап" 12 шықәса ахыҵит.
"Афонд 2008 шықәса рзы иаԥҵан, аха 2011 рзы ихацнаркит ихадоу акциа. Уи аҳәаа иҭагӡаны згәабзиара уашәшәыроу ахәыҷқәа рыхәышәтәразы аԥареизгара хацыркын. Акциа 12 шықәса ирҭагӡаны имаҷымкәа алҵшәақәа амоуп. Мышқәак раԥхьа ари аамҭа иалагӡаны ҳусура аихшьаалақәа ҟаҵан. Арҭ ашықәсқәа рзы 100 миллион мааҭк еиҳаны аԥара еизган ахәыҷқәа рыхәышәтәразы. 427-ҩык ацхыраара рыҭан, 260 гәыҳалалратә акциа мҩаԥаҳгеит – ари алҵшәақәа маҷым ҳәа сгәы иаанагоит", - ҳәа азгәалҭеит Џьынџьалԥҳа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.