АҞӘА, абҵара 20 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа таитәи абокс азы адунеи ачемпион Нестор Гадлиа дидикылеит.
Аԥснытәи аспортсмен, зыкапан 48 кьыла иҟоу рыбжьара еизгоу урыстәылатәи агәыԥ далан. Аицлабра мҩаԥысуан Ҭырқәтәыла.
Аслан Бжьаниа аспортсмен қәыԥш аиааира идиныҳәалеит, аспорт аҟны аԥхьаҟатәи аихьӡарақәа изеиӷьеишьеит.
"Аферым. Уеихьӡарақәа ҳреигәырӷьеит. Иара убас ашкол аҿгьы аҵара бзианы иуҵалароуп", - иҳәеит Аслан Бжьаниа, аҷкәын ахықәкы ацәхьамҵра, аҽазҵәылхра, ахы агәрагара шаҭаху дазхьарԥшуа.
Абоксиор иазыҟаҵаҩ Ҭемраз Гьергьедаа Аԥсны ахада иҭабуп ҳәа иеиҳәеит ареспубликаҟны аспорт аҿиара иаиҭо адгыларазы.