Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист, афилологиатә ҭҵаарадырақәа рдоктор, апрофессор, Ахьӡ–аԥша аорден ахԥатәи аҩаӡареи "Агәымшәараз" амедали занашьоу Екатерина Бебиаԥҳа лиира амш азгәалҭеит абҵара 20 рзы. Сынтәа лара илиубилеитә шықәсоуп.
Сышықәсқәа - смал ауп, сгәадура ауп, изӡаӡом 65 шықәса схыҵит, ари аамҭа иалагӡаны акыр сылшазар сыжәлар ирызкуп ҳәа лҳәеит лцәажәараан Бебиаԥҳа.
"Сара сдунеи зырлашо сжурналистика ауп, сҭаацәагьы уи ҳаҭыр ақәырҵоит. Сан ус лҳәалон: "Бара ажәлар рымаҵ буоит, ажәлар рымаҵ аураҟны анцәа хьымӡӷ бимыргааит" ҳәа. Ҳаҭыр ақәырҵон сангьы сабгьы (азанааҭ-азгәаҭа), сҭаацәа, сыкәшамыкәшагьы, ажәларгьы срыдыркылеит. Иахьа мацара шаҟаҩы аҭел исзасуа, шаҟаҩы сҭааз…Сжурналистика сыԥсҭазаарацәҟьоуп, сҭаацәа раҟара, еиҳагьы издысҵо ауп. Мышкы акы ҭыхымкәа, иҩымкәа, ма амонтаж ҟамҵакәа имцаӡацт", - лҳәеит Бебиаԥҳа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.