Сынтәа 2000 тонна инареиҳаны амандарина Аԥснынтәи Урыстәылаҟа идәықәырҵахьеит ацитрустә сезон иалагазар ҳәа аанацҳаит Аҳазалхратә еилакы. Ҵыԥх ари аамҭазы ареспублика иалган 870 тонна инацны. Сынтәа амандарина аҽаҩра зеиԥшроу, шаҟа рҭаахьоу, насгьы аҭиразы ауадаҩрақәа ыҟоума, абарҭқәа ртәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Гал араион аҿы иҟоу ацитрус ааӡарҭа аиҳабы Генри Ҭыжәба.
"Сынтәа Аԥсны ахьынӡанаӡааӡо иаҳа имаҷны иҿоуп амандарина, ҵыԥх даара ирацәан. Аҽаҩра маҷхеит, аха ибзиоуп. Сынтәа заа иҟало амандарина ибзианы иҿалеит измаз рҟны. Убри аҟынтә ирҳәоит ҩынтә еиҳаны иахыргахьеит ҳәа. Иара уамак ҵӡом Аԥсны аиҭаҳара иалагеижьҭеи, убри аҟынтәи амч азхоит аҩбатәи ашықәс азгьы аҽаҩра бзиа аашьҭра. Ҳара иҳамоу амандарина жәабаҟа мшы рнаҩс ауп аҭаара ҳаналаго. Ус имаҷуп умҳәозар, ахаҭабзиара цәгьаӡам", - иҳәеит Ҭыжәба.
Иара иажәақәа рыла, ҵыԥхтәи рҽаҩра иаҿырԥшны сынтәа хынтә еиҵоуп амандарина.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.