АҞӘА, абҵара 22 - Sputnik. Аҟәа ақалақь, Ҷанба имҩаҿы ахатәыҩны амца акит ҳәа аанацҳаит Аԥсны АҶА апресс-маҵзура.Амца дырцәон Аҟәа ақалақьи Аҟәа араиони рымцарцәаратә хәҭақәа хԥа. Аҩнаҿы уадак ҩныблааит. Амцакра иахҟьаны аӡәгьы акгьы имыхьит.