АҞӘА, абҵара 22 - Sputnik. Ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа иҳәеит ацитрустә плантациақәа ахьыҟоу адгьылқәа даҽа категориак ахь риагара алмыршараз аминистрра Аминистрцәа реилазаарахь ажәалагала ҟанаҵараны иҟоуп ҳәа.
Иара иажәақәа рыла, арахь иаҵанакуеит Гагра, Гәдоуҭа, Очамчыра араионқәа. Заанаҵтәи ахәшьарақәа рыла, ақыҭанхамҩатә дгьылқәа ркатегориақәа ирылгоуп 30% аплантациақәа.
"Иҟалап, арҭ акультурақәа ажәхьазар, аха аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә усбарҭақәа рҟынтәи адокументқәа анҳаулак, акомиссиа неины иҭырҵаауеит аплантациа аҭагылазаашьа, аиҭарҿиара алшо иалымшо", - иҳәеит иара.
Џьопуа иҳәеит сынтәа ацитрусқәа рекспорт азы аҭагылазаашьа шыманшәалоу, иахьазы 4,5 нызқь тонна атәыла ишалыргахьоу. Ари ҵыԥх аасҭа 1,5 нызқь тонна рыла еиҳауп, изыхҟьазгьы заа иҟало асортқәа реиҭаҳара иахьалагази аҳауатә ҭагылазаашьа ахьбзиази роуп.