Арадио

Џьергьениа: Ауадҳара аӡын ааит уҳәаратәы иҟоуп

Изеиԥшрои иахьазы Ауадҳара аҭагылазаашьа, рышԥаҽазыҟарҵеи Риҵатәи амилаҭтә ҳәырԥсарра аусзуҩцәа аӡын, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит апарк абнахылаԥшҩы еиҳабы Ҭенгиз Џьергьениа.
Sputnik
Ауадҳара асы шьҭоуп, ашьыжь 5 градуск иҵаан ҳәа адырра ҟаиҵеит аиҿцәажәараҿы Џьергьениа.
"Аӡын ааит ҳәа уҳәаратәы аҭагылазаашьа ыҟоуп. Даҽа хымш асы ҳазыԥшуп. Ауаа ааиуеит асы иалахәмарырц, ҭаацәаныла ишыҟоу збоит. Аха шьҭа амашьына ласқәа рыла арахь узааӡом. Егьи амза инаркны апарк уанҭало амашьынақәа ирыхәаԥшлоит, аӡынтәи агьежьқәа рыҵамкәа ихалалаӡом, амҩақәа рҿы иқәҳаԥсо аԥслымӡ ааганы ишьҭаҳҵахьеит. Декабр ишаалаго аԥсыӡкра аамҭагьы хыркәшахоит", - ҳәа иҳәеит абнахылаԥшҩы.
Џьергениа еиҭеиҳәеит асы ақәгаразы ирымоу амашьынақәа ртәы, иааидкыланы аӡын рыҽшазыҟарҵаз.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.