АҞӘА, абҵара 22 – Sputnik. Гал араион Алхратә комиссиа хада ирыланаҳәеит аокруг №3 аҿы имҩаԥгаз алхрақәа реихшьаала ҳәа аанацҳауеит "ГалМедиа".
"Абҵара 19 рзы имҩаԥысит абжьыҭира. Иахьа Гал араион Алхратә комиссиа хада аилатәараҿы ишьақәдырӷәӷәеит алкаа – акандидат Аршба (Инал Аршба - аред.) дшаиааиз азы", – иҳәеит Гал араион Алхратә комиссиа хада ахантәаҩы Џьон Гәлариа.
Иара иазгәеиҭеит абжьыҭара еилагарада ишымҩаԥгаз.
Алхрақәа мҩаԥысит абҵара 19 рзы. Адепутат иҭыԥ ахь ԥшьҩык акандидатцәа ықәгылан - Сурам Џьынџьал, Инал Аршба, Роберт Гацерелиа, Ахра Кәакәасқьыр. Рыбжьы рҭиит 66% алхыҩцәа – 123-ҩык. Урҭ рҟынтәи 76-ҩык рыбжьы ирҭеит акандидат Инал Аршба.