Владимир Занҭариа 70 шықәса ихыҵра иазкыз аҭҵаарадырратә конференциа "Агәацԥыҳәареи ахандеиреи рымҩала" мҩаԥысит Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҿы.
"2021 шықәса рзы иҭыҵыз Владимир Занҭариа ипоезиатә еизга ҿыц, хәышықәса ирыгагӡаны иаԥиҵаз ажәеинраалақәа "Адунеи азна" захьӡу азы ахҳәаа ҟаҵан. Сара сзы иԥышәан, ҳәарада, ари аус. Аха, исыман аҭҵаарадырратә уасхыр сзықәгылаша - амҩахәасҭа ҿыц сзырбаша аиҳабацәа ирҳәахьаз азгәаҭаны иахьа анализ аҟаҵара даара иманшәалахеит. Владимир Занҭариа раԥхьатәи ирҿиара аетапқәа раан аԥсҭазаарахь агәацԥыҳәара дуӡӡа иманы, ихы агәрагара иманы, имч илшара дақәгәыӷуа дыҟазар, уажәы дызхьаауа ицәыриго азҵаарақәа даҽа хырхарҭак рымоуп. Ҩ-дунеик рыбжьара ихәыцрақәа, аира- аԥсра, ԥхьаҟатәи аԥеиԥш, игәалашәрақәа, абарҭ аԥхарра рыҵаны иҟоуп", - ҳәа иҳәеит Гыцба.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.