Урыстәыла

Путин асектор Газа аҿы ЕАР аӡбамҭа аиҵаҟьара иахылҿиаауа далацәажәеит

Sputnik
АҞӘА, абҵара 22 – Sputnik. Еиду амилаҭқәа реиҿкаара аӡбамҭа ахьеиҵарҟьаз иахҟьаны палестинаа абиԥарала аиашамреи амци иаларааӡоит, Израиль акәзар - аҳәынҭқарра ашәарҭадара азыхьчаӡом ҳәа иҳәеит Урыстәыла ахада Владимир Путин БРИКС изаамҭанытәим аилатәараҿы.
Путин иажәақәа рыла, Еиду амилаҭқәа реиҿкаара аӡбамҭа иазгәанаҭон ихьыԥшым, исуверентәу ҩ-ҳәынҭқаррак Израили Палестинеи еимабзианы реиванхара.
Путин иазгәеиҭеит Газа иҟоу аҭагылазаашьа, ауаа рҭахара, ахәыҷқәа ргәаҟра агәҭынчымра ду шаадырԥшуа.
"Ари азҵаараҿы Урыстәыла апозициа шыҟац иаанхоит. Ҳара ааԥхьара ҟаҳҵоит адунеитә еилазаара рымчқәа еидкыланы ахымца аанкыланы, палестина-израильтәи аимак ҭышәындыртәаларц. Абри аҿы БРИКС аҳәынҭқарра-алахәылацәеи арегион атәылақәеи рлагала духон", - ҳәа иҳәеит Урыстәыла ахада.
Жьҭаара 7, ашьыжь асектор Газа аганахьала Израиль аракетақәа рыла иажәлеит, уи ашьҭахь ХАМАС аибашьцәа атәыла аҳәаа иаԥну араионқәа ирылалеит, 200-ҩык рҟынӡа ауаа тҟәаны иргеит аоперациа "Аль-Акса аӡаарҟәрылара" мҩаԥго. Уи аҭакс ЦАХАЛ аоперациа "Аихатәы асақәа" иалагеит. Израиль аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, иҭахеит 1,2 нызқьҩык, еиуеиԥшым ахәрақәеи аахақәеи роуит 5 нызқьҩык