Урыстәыла

"ВКонтакте" асаит аусура еиԥҟьеит

"ВКонтакте" – урыстәылатәи социалтә ҳауп, 100 миллионҩык инареиҳаны аҭааҩцәа амоуп мызкы аҩнуҵҟа.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 22 – Sputnik. Асоциалтә ҳа "ВКонтакте" асаит аусура еиԥҟьеит ҳәа аанацҳауеит амаҵзура Downdetector.
Асоциалтә ҳа аусура апроблема азгәаҭоуп Урыстәылеиԥш егьырҭ атәылақәа рҿгьы. Аилахәыраҿы ирҳәеит ауадаҩрақәа шыҟоу асерверқәа рҭагалараҿы.
Асаит аиҭашьақәыргыларазы уажәы аусурақәа мҩаԥысуеит.