Аԥсны

Гәдоуҭа араион аҟны амҩан иҟалаз амашәыр иахҟьаны ҩыџьа ааха роуит

Sputnik
АҞӘА, абҵара 23 – Sputnik. Гәдоуҭа араион иахьаҵанакуа ареспубликатә мҩаду хадаҟны, иҟалаз амҩатә машәыр аҟны ҩыџьа ааха роуит ҳәа аанацҳауеит "Аԥсныпресс" амаҵзура Аҳәынҭқарратә автоинспекциа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Ҭаниа шьаҭас дганы.
"Ҩыџьа ааха ӷәӷәа рыманы ахәшәтәырҭахь инагоуп", - ҳәа иҳәеит иара.
Иазгәаҭоуп, амашьына аԥсҟы зкыз амҩахыҵарҭан аԥсҟы изаанымкылаӡакәан ажра ишҭаҳаз.