АҞӘА, абҵара 24 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аицлабра "Взгляд-2023" аихшьаалақәа ҟарҵеит.
Сынтәа иара Аԥсны Афырхаҵа, ТАСС арратә корреспондент Андреи Соловиов изкуп.
Иара изку адокументалтә фильм аицлабра асасцәеи алахәылацәеи идырбан. Дыргәаладыршәеит минуҭктәи аҿымҭрала, авоенкор иҭыхымҭақәа Аԥсуа драмтеатр азал маҷ афое аҿы иқәыргылан.
Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин иҳәеит Аԥсны Соловиов угәаҵанӡа инеиртә дахьыргәаладыршәо игәы шыҟанаҵаз, анырра ду шинаҭаз.
2023 шықәсазы имҩаԥысыз аицлабраҿы аиааира згаз рацәаҩны иалнакааит. Актәи аҭыԥқәа зауз, аҩбатәи аҭыԥқәа зауз аҳамҭатә сертификатқәа роуеит, аицлабра "Честный взгляд" аихшьаалақәа рыҟаҵараан Москваҟа ицараны иҟоуп иҳәеит Аԥсны иҟоу Россотрудничество аиҳабы Дмитри Федотов.
ТАСС адиректор хада Андреи Кондрашов еиҭеиҳәеит Аџьынџьтәылатә еибашьара Ду ашьҭахь афронт аҿы иҭахаз раԥхьатәи ТАСС арратә корреспондент Соловиов иоуп ҳәа.
"Авоенкорцәа, ажурналистцәа ааизакны жәлар рдипломатцәа роуп ҳәа уҳәар ҟалоит. Аҽа тәылак аҿы ҳаиԥылар ҳаиҩымслароуп, ҳаӡәыкзароуп. Аԥсны ауааԥсыра ирзеиӷьасшьоит аизҳазыӷьара. Ахаан иҟамлааит аибашьра" - иҳәеит иара.
Аԥсны атәылахьчара аминистр Владимир Ануа идҵала Кондрашов ианашьоуп амедал "Аԥсны аҭынчра адгыларазы".
Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла ахантәаҩы Руслан Ҳашыг иазгәеиҭеит аибашьра ашьҭахь урыстәылатәи ажурналистцәа аԥсуа жәлар ирыдгылан, ирылшоз ала аполитикцәа иаԥырҵаз аинформациатә блокада еиԥдырҟьон ҳәа. Иара иажәақәа рыла арҭ ажурналистцәеи иареи иахьагьы реиҩызара ԥкым азанааҭтә еиҩызареиԥш ауаҩытәыҩсатә еизыҟазаашьалагьы.
Аминистрцәа реилазаара Аппарат анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Кристиан Бжьаниа агәыӷра ааирԥшит аицлабра традициахап ҳәа, иазгәеиҭеит уи азы иахәҭоу адгылара шыҟало.
Sputnik Аԥсны акорреспондентцәа Бадраҟ Аҩӡбеи Асмаҭ Ҵәыџьԥҳаи аицлабра "Взгляд-2023" ҩ-номинациак — "Иреиӷьу аналитикатә, аинформациатә, апублицистикатә статиа", "Иреиӷьу аочерк" рҟны аиааира ргеит, Бадри Есиава ахԥатәи аҭыԥ никылеит аноминации "Иреиӷьу очерк" аҟны, арадиомҩаԥгаҩы Наала Мықәԥҳа —аноминациа "Иреиӷьу аинтервиу" аҿы аҩбатәи аҭыԥ лоуит.
Егьырҭ аноминациақәа рҿы аԥхьахәқәа роуит:
Рада Чачааԥҳа — "Акьыԥхьи (ма) аелектронтәи кьыԥхьымҭатә вариант рҿы иреиӷьу арепортаж".
Лиана Ебжьноуԥҳа — "Иреиӷьу аинтервиу".
Ельза Ҷанԥҳа — "Иреиӷьу афоторепортаж".