Аԥсны

Богданови Арӡынбеи мрагыларааигәатәи атәылақәеи ҳареи ҳаимадара азҵаарақәа ирылацәажәеит

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба усутә визитла Москва дыҟоуп.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 24 – Sputnik. Мрагылара Ааигәеит Африкеи ртәылақәа рҿы Урыстәыла ахаҭарнак ҷыда, адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Михаил Богданов дидикылеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба абҵара 24 рзы Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы.
Аганқәа алацәажәеит урыстәыла-аԥснытәи адәныҟатәиполитикатә диалог, мрагыларааигәатәи апроблематика акцент азуны.
Иазгәаҭоуп аҩганк мрагыларааигәатәи азҵаарақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны палестина-израильтәи аимаки Ливани Шьамтәылеи иҟоу аҭагылазаашьеи ишрызҿлымҳау.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Москва усутә визитла дыҟоуп. Ахәаша, абҵарамза 24 рзы Урыстәыла иҟоу Шьамтәыла ацҳаражәҳәаҩ Башар Џьаафари диԥылеит. Аганқәа ирылацәажәеит аполитикатәи, ахәаахәҭра-економикатәи, агуманитартәи хырхарҭақәа рҿы аԥсуа-шьамтәылатәи еизыҟазаашьақәа рызҵаарақәа.