Сынтәа Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла 90 шықәса ахыҵит. Аԥсуа литература арҿиаразы ҳашәҟәыҩҩцәа ирылдыршаз, ҳаамҭазы аҿар ажәа сахьарк иахьынӡазҿлымҳау атәы арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла алахәыла, апоет Дмитри Габалыиа.
"Аҳәынҭқарраҿы аԥареи амал арҳареи аидеологиа хадас ишьҭыхны уи ада ацәажәара аныҟам, усҟан ирыцҳарахоит адоуҳа азхәыцра иадҳәалоу азҵаарақәа. Абри акапитализм ацәқәырԥа зегьы ирылаҽны, ахәаахәҭра, аџьармыкьа мацарахь зегьы рхьарԥшра уи ҳҭазырхо акоуп, Анцәа иаҳҟәырхуп. Зегьы ахәаахәҭра ҳҽалаҳгалар ҳзакәытә милаҭхои? Ахәаахщҭыҩгьы дыҟазароуп, ашәҟәыҩҩгьы дыҟазароуп, адоуҳа иазхәыцуагьы дыҟазароуп. Иҟоуп иахьа адоуҳа иазхәыцуа, уи ада цыфа змам, гәахәтәгьы змам. Имаҷаҳшьозаргьы рымчи рылшеи рацәоуп, аҭагылазаашьа роур", - иҳәеит Габалыиа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.