АҞӘА, абҵара 24 - Sputnik. Гагра араион 2023 шықәса жәамз рыла иаланагалеит ирекордтәу миллиардки 543 миллион мааҭи ашәахтәқәа ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра Гагра араион аинспекциа аиҳабы Едгар Бениа.
"Ари ашықәс арбагақәа урылацәажәозар, ииасыз ашықәс иаҿырԥшны иҵоуроу адинамика аныԥшуеит. Ашәахтәлагалақәа рекордтәуп ҳәа уҳәар ҟалоит. Иахьазы миллиардки 543 миллион мааҭи ашәахтәқәа аланагалахьеит, ашықәстә план ҳәа милиардки 289 миллион мааҭи шарбазгьы. 120% аплан нагӡоуп. Ари 254 миллион мааҭ рыла еиҳауп иарбаз ахыԥхьаӡара аасҭа", - ҳәа иҳәеит иара.
Аиҳарак алагалақәа акурорт аусхк аҟынтәи иалагалоуп, иара убасгьы ашәахтәцҵеи – 540 миллион мааҭ, ахашәалазы ашәахтәи – миллион мааҭ.
“Асеиԥштәи алагалақәа ахыҵхырҭа рацәа рымоуп – асанкциатә процессқәа, ахәқәа рышьҭыҵра, ашәахтә зқәылаз аобиект ҿыцқәа рцәырҵра, анапхгара ахаҭабзиара аиӷьтәра", - ҳәа иҳәеит Бениа.
Бениа иажәақәа рыла, ашықәс нҵәаанӡа ашәахтәшәарақәа миллиардки 600 миллиони рҟынӡа инаӡар ҟалоит.