Аԥсны

Гәдоуҭа араион амҩатә машәыр аан ааха зауз руаӡәк иԥсҭазаара далҵит

Гәдоуҭа араион амҩахадаҿы авариа ҟалеит аԥшьаша, абҵара 23. Амашьына аԥсҟы зкыз аԥсҟы импыҵҟьаны амашьына ажра иҭаҳаит.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 24 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Абҵара 24 рзы Гәдоуҭа араион амҩатә машәыр аан ааха зауз руаӡәк иԥсҭазаара далҵит ҳәа Sputnik акорреспондент иларҳәеит Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы.
"Иахьа ашьыжь, амҩатә машәыр иалахәыз руаӡәк асааҭ хәба рзы иԥсҭазаара далҵит", - ҳәа иҳәеит ахәышәтәырҭа аҳақьым хада Ҳаџьараҭ Шамба.
Аҩбатәи ахаҵа Аҟәа, ареспубликатә хәышәтәырҭаҿы дышьҭоуп.
Гәдоуҭа араион амҩа хадаҿы авариа ҟалеит аԥшьаша, абҵара 23. Амашьына аԥсҟы зкыз аԥсҟы импыҵҟьаны амашьына ажра иҭаҳаит. Ҩыџьа ауаа рҭагылазаашьа хьанҭаны ахәышәтәырҭахь инаргеит.
Аԥсны
Гәдоуҭа араион аҟны амҩан иҟалаз амашәыр иахҟьаны ҩыџьа ааха роуит