Арадио

Мелаӡе азанааҭ аизырҳаразы ауниверситет аҿы акурсқәа рзы: аԥышәа, аиҩызара дырҿиоит

Sputnik
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы иаԥҵоу Аквалификациа аизырҳареи акадрқәа разыҟаҵареи рреспубликатә центр ԥхынҷкәын акынӡа имҩаԥнагоит азанааҭ аизырҳаразы акурсқәа. Урҭ рзырхоуп аԥсуа бызшәеи алитературеи рырҵаҩцәа. Ҩымчыбжьа рыҩнуҵҟа дара ирзаԥхьоит алекциақәа, ирзеиҿыркаауеит аҟазаратә классқәа. Азанааҭ аизырҳара акурсқәа ирылахәу Аӡҩыбжьатәи ашкол арҵаҩы Лиа Мелаӡе арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит ас еиԥш алшара ахьынӡацхыраагӡоу атәы.
"Ари ԥышәеизырҳароуп, ари аибадырроуп, арҵаҩцәа аиҩызара рыбжьалоит Аԥсны ахьынӡанаӡааӡо. Уажәтәи ҳкурсқәа ирылахәуп ԥшь-раионк рҟынтәи арҵаҩцәа: Очамчыра, Гал, Тҟәарчал, Гәылрыԥшь. Иахьа аамҭа шыҟоу жәбоит, ахәыҷқәа даҽакала ирызнеилатәуп. Ҳара арҵаҩцәа даҽа аамҭак азы иҳазҳаит, аха иахьатәи ҳҽақәыршәаны, иҟоу аԥсахрақәа ҳаҽрықәыршәаны, ахәыҷқәа ирызнаганы, агәыбылра роуртә азыҟаҵара ҳаҿуп", - лҳәеит Мелаӡе.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.