Аҩбатәи Жәларбжьаратәи астрономиатә аолимпиада мҩаԥысуан 8 мшы рыҩнуҵаҟа арҵаратә центр "Сириус" аҿы. Аԥснытәи ашколхәыҷкәа алшара рыман рхы ԥыршәарц. Аҵаҩцәа шалԥшааз, рдыррақәа ахьынӡарзаарԥшыз атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Ауаажәлар рымадаразы Аԥсны аҵара аминистрра аҟәша аиҳабы Аслан Қәҭелиа.
"Раԥхьаӡа акәны ас еиԥш иҟоу аолимпиада рхы аладырхәит ҳашколхәыҷқәа. Уи англыз бызшәала акәын ишымҩаԥысуаз. Уи адагьы ахырхарҭагьы ҳашколхәыҷқәа рзы иҿыцу хырхарҭоуп. Ҳара ҳҟны иахысӡом астрономиа азы амаҭәар. Ус шакәугьы аԥышәазы иус бзиоуп. 14 ҳәынҭқарра рҟынтәи ахәыҷқәа алахәын ари аолимпиада. Жәаҳәарада, аԥхьахәтә ҭыԥқәа раанкылара уадаҩын. Активла рхы ахьаладырхәыз азы аҳаҭыртә бӷьыцқәа роуит. Иахьалахәыз ргәаԥхеит, ԥышәа дууп ҳәа азгәарҭеит", - иҳәеит Қәҭелиа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.