Аԥсны

Ашәба Аԥсныҟа иааразы: уԥсадгьыл уахәароуп, узамыхәозаргьы, ара уҟаз

Sputnik
Адырраҭара “Зхьышьҭра змырӡыз” аҿы зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь ихынҳәыз ҳџьынџьуаа рҭоурыхқәа реилкаара иацаҳҵоит. Арадио Sputnik астудиаҟны иҭыхыз авидеонҵамҭаҿы иахьа ижәбар шәылшоит Ҟарачы-Черкесиатәи Ареспублика Хәажәду ақыҭан ииз, аха забдуцәа рыԥсадгьыл Аԥсныҟа нхара ииасыз Рем Ашәба иҿцәажәара.