Арадио

Ашәба: уԥсадгьыл уацәыхараны унхоны, "бзиа избоит" ҳәа аҳәара мацара ахәаӡом

Sputnik
Адырраҭара “Зхьышьҭра змырӡыз” аҳәаақәа ирҭагӡаны зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь ихынҳәыз ҳџьынџьуаа рҭоурыхқәа еилаҳкаауеит. Урҭ рабацәеи рабдуцәеи знысыз амҩеи иахьа ирыԥсҭазаашьоуи атәы еиҭарҳәоит арадио Sputnik аефир аҟны. Ҟарачы-Черкесиатәи Ареспублика Хәажәду ақыҭа иалҵыз Рем Ашәба Аԥсныҟа нхара диасит 2010 шықәсазы. Иаб Роберт Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра далахәын. Иахьа Рем дынхоит Гәылрыԥшь араион Агәыӡера аҳаблаҟны, иааӡоит хҩык ахшара. Аус иуеит амчратә усбарҭақәа рҟны.
"Амзыз атәы ҳҳәозар (Аԥсны анхаразы - азгәаҭа), сара сзы уи сыԥсадгьыл аҟны анхара, ахәыҷқәа сбызшәа рдыруа иҟазарц, ус ауп ишеилыскаауа. Ара аҷкәынцәа срацәажәалоит Ҭырқәтәылантәигьы иаауа-ицо. Ус рҳәоит "Аԥсны даара бзиа избоит" ҳәа. Шәааи нас, шәахәаԥш ауаа шынхо, аха хара уҟаны, "бзиа избоит" ҳәа аҳәара ахәаӡом. Алшара змоу, шәааи, иҟалап, шәхәыҷқәа ара анхара ргәаԥхар… Знык ауп адунеи ҳанану. Иахьа аамҭа ирласны ицоит. Уԥсадгьыл ахәара аҭахуп, узахәозар. Узамыхәозаргьы, уԥсадгьыл аҿы уҟаз", - иҳәеит Ашәба.