АҞӘА, абҵара 26 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны иқәынхо ажәлар Аконституциа амш рыдиныҳәалеит. Абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Адныҳәалараҿы иазгәаҭоуп Аконституциа ишышьақәнаргылаз Аԥсны Аҳәынҭқарра исуверентәу идемократиатәу аҟазшьа, ишарӷәӷәаз аҳәынҭқарра азинтә принципқәа, атәылауаа рзинқәеи рхақәиҭрақәеи хәдықәҵара шрызнауз, иара убас ишҳәаақәнаҵаз аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи ауаажәарратә институтқәеи реилазаареи урҭ русеицуреи.
"Аконституциа анормақәеи апринципқәеи шьаҭас иҟаҵаны, ҳҳәынҭқарра иалнаршеит ицәырҵуаз ашәарҭарақәа ириааины, жәларбжьаратәи азин ихьыԥшым асубиект аҳасабала азхаҵарахьы инагаз амҩа анысра", - ҳәа ҷыдала иануп адныҳәалара атекст аҿы.
Аслан Бжьаниа ареспублика иқәынхо ауаажәлар ирзеиӷьеишьеит аҭынчра, аихьӡарақәа, акзаара, аизҳазыӷьара.