Аԥсны

Аслан Бжьаниа Никол Пашиниан Қырҭтәыла дадгыланы дықәымгылаларц ааԥхьара ииҭеит

Ермантәыла аԥыза-министр Никол Пашиниан, ишиашоу ицо аефир ала атәылауаа рызҵаарақәа рҭак ҟаҵо, иҳәеит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рганахьала Қырҭтәыла аполитика дшадгыло атәы.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 26 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Ермантәыла аԥыза-министр Никол Пашиниан иахь ааԥхьара ҟаиҵеит Қырҭтәыла аполитика дадымгылакәа жәларбжьаратәи аҵакыраҿы фактла иҟоу аҭагылазаашьа дазхьаԥшларц. Аҳәамҭа кьыԥхьуп атәыла ахада исаит аҿы.
Иазгәаҭоуп мрагыларатәи атәылақәа ирыдырҳәало "Қырҭтәыла акзаареи, асуверенитети, аҵакыратә акзаареи, ахьыԥшымреи, адемократиеи" Аԥсны асуверенра шьаҭанкыла ишаҿагылоу.
Бжьаниа иазгәеиҭеит ҳреспубликаҿы аерман жәлар ҳаҭырла ишрызныҟәо, аерман уаԥшь ҳтәылаҿы ахырхарҭақәа зегьы рҿы ишаарԥшу - амчратә усбарҭақәа инадыркны аҭыԥантәи амчрақәа рҟынӡа, акультуреи адини рхырхарҭаҿгьы.
"Аԥсны иқәынхо аерманцәа ирымоуп Никол Пашиниан Ҟарабах инхо аерманцәа ирызимҭаз зегьы, урҭ иара имҩаԥигоз аполитика иахҟьаны арыцҳарақәа ирықәшәеит, рҳәынҭқарра еилаҳаит, рыԥсадгьыл аҟынтәи иқәҵыр акәхеит. Иара уи анаҩсгьы, Никол Пашиниан имҩаԥиго аполитика иалҵшәаны Ареспублика Ермантәыла аҵакыратә акзаарагьы ашәарҭара иҭагылоуп", - ҳәа ануп аҳәамҭаҿы.
Бжьаниа иара убас инаҵишьит "акзаареи, асуверенитети, аҵакыратә акзаареи, адемократиеи" - Аԥсны акыр иаҳа ианаало еилкаарақәоуп, Ермантәылеи Қырҭтәылеи раасҭа.
Аԥсны
Пашиниан Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рганахьала Қырҭтәыла аполитика дшадгыло атәы иҳәеит