Иааиуа ашықәс азы ашәҟәыҩҩы Фазиль Искандер ихыҵуеит 95 шықәса. Ари аиубилеитә рыцхә инадҳәаланы ашәҟәыҩҩы ихьӡ зху Аурыс драматә театр "Русдрам" имҩаԥнагеит арежиссиортә лабораториа "Сандро".
Искандер ирҿиара иадҳәаланы ҳахәаԥшуазар, ари аҩбатәи еицлаброуп, раԥхьатәи иалҵшәаны атеатр арепертуар иалоуп "Хабыгә игәыжь ажәабжь" захьӡу аспектакль.
Абҵара 25 рзы РУСДРАМ имҩаԥысуан иҿыцу аицлабра. Ишыжәдыруа еиԥш, алабораториа ԥышәароуп арежиссиорцәа қәыԥшцәа рзы. Аамҭа кьаҿк, хықәкыла хымш, ирҭагӡаны ақәыргылаҩцәеи актиорцәеи инарыгӡароуп иџьбароу адҵа - ашәҟәыҩҩы иажәабжьқәа "Ажьабаӷьқәеи арқьымаҭқәеи" (ақәыргылаҩ Игорь Лебедев), "Ахьча Махаз" (ақәыргылаҩ Олесиа Невмержицкаиа), "Харлампои Деспинеи" (ақәыргылаҩ Василиос Самуркас) рқәырԥшы етиуд. Анаҩс, еилкаахоит иааиуа ашықәс азы аспектакль ақәыргылара зқәашьхо арежиссиор дарбану.
Иазгәасҭарц сҭахуп Фазиль Искандер ихьӡ зху атеатр Аԥсны акультура иашьагәыҭны ишыҟоу. Араҟа атеатр абзиабаҩцәа рзы имҩаԥысуеит асцена ду аҿы аспектакльқәа реиԥш, еиуеиԥшым аиԥыларақәа, аспектакль маҷқәа, аклассикатә концертқәа. Урыстәылатәи атеатртә еилазаара абзоурала акырынтә имҩаԥысхьеит Аԥсны анҭыҵтәи РУСДРАМ аныҟәрақәа. Урыстәыла хра злоу усны ирыԥхьаӡоит аҳәаанырцә иҟоу аурыс театрқәа рыдгылара, афинанстә цхыраара рыҭара, уи ацхыраара Аԥсны иҟоу Аурыс театргьы ианыԥшуеит.
Алабораториа ҽнак шагыз РУСДРАМ афоие аҿы "Атеатр ақалақь аҿы" захьӡыз алекциа даԥхьон атеатрҭҵааҩ қәыԥш Ирина Ганзера. Лара аҭааҩцәа ирзеиҭалҳәеит иахьа иҿио атеатртә хырхарҭақәа, еиҳаракгьы, Урыстәыла ақалақь дуқәа Москвеи Санкт-Петербурги имҩаԥысуа аҿыцрақәа. Атеатрҭҵааҩ афотои авидеои рхархәарала дызлацәажәоз лабҿаба иӡырылгон.
Ирина Ганзера
© Foto / Элеонора Когониа
Сааҭк иназынаԥшуа ицоз алекциа алкаа азаҳуазар, атеатртә хырхарҭқәеи аекспериментқәеи рацәазаргьы, аклассикатә знеишьа аԥыжәара агоит. Исҳәарц сҭахуп абас еиԥш иҟоу аиԥыларақәа рахь астудентцәа ныҟәалар шхәарҭоу. Аԥсны анҭыҵ анеиааира зламариам ала, алабораториақәа, алекциақәа зеиӷьыҟам ҭагылазаашьоуп иахьатәи атеатртә ԥышәақәа реилкааразы. Ҩымш РУСДРАМ имҩаԥысуаз арҿиаратә ус иаҭааз хықәкыла абжьаратәи, аиҳабыратәи атеатр абзиабаҩцәа роуп, астудентцәа рыцәаара ыҟамызт.
Уажәшьҭа алабораториа ахаҭа амҩаԥысшьа атәы сҳәозар, ахәаԥшцәа агмызт, ҭыԥ умоуа иҭәын атеатр. Уи иаанагоит атеатр иазгәышьуа аҩызцәа-ахәаԥшҩцәа РУСДРАМ иамоуп ҳәа.
Актәи, аҩбатәи аескизқәа – "Ажьабаӷьқәеи арқьымаҭқәеи", "Харлампои Деспинеи" атеатр асценаҿы инагӡан, иахәаԥшуазгьы уа ааигәа итәан. Ари ахырхарҭа изныкымкәа ахархәара арҭахьеит русдрамаа. Хымш ирылагӡаны аескиз, мамзаргьы аспектакль ақәырԥшы ақәыргылара имариам дҵоуп. Иазгәасҭарц сҭахуп, урыстәылантәи иааз атеатрҭҵааҩцәа рнаҩсан, бжьыҭарала ахә ршьар шрылшоз аҭыԥантәи атеатр абзиабаҩцәагьы.
Асасцәа аескизқәа рыхцәажәара аамҭазы иазгәарҭеит аԥсуа хәаԥшҩы иааирԥшуа ахшыҩҵакқәа рыла дышхәыдам. "Уи рнубалоит иашәҭо ахәшьара", - лҳәеит ари апроект анапхгаҩы Ольга Никифорова.
"Ахьча Махаз"
Еснагь еиԥш, аетиудқәа руакы ахәаԥшҩы ианибалак ашьҭахь, афоие аҿы имҩаԥысуан аилыргара.
Раԥхьа иҳадыргалеит "Ахьча Махаз" захьӡыз арежиссиор Олесиа Невмержицкаиа лусумҭа. Атеатр бзианы издыруа ахәаԥшҩы еснагь дхәыцуеит, иҳадыргаларызеи иахьа асценаҿы, иарбан мҩоу арежиссиор аамҭа кьаҿ иалагӡаны ииԥшаауа ҳәа. Амардуан - зны уҳаразкуа, зны улбаазго – абри аҟазшьа аман асценографиа. Аиашазы, аескиз "Ахьча Махаз" аҿы ихәмаруаз руаӡәы Кирилл Шишкин аурыс театр аҿы иреиӷьасшьо актиоруп. Сгәаанагаразы сгәы сшамеижьаз даҽа зныкгьы агәра згеит уи инеигӡоз аполицаи, иара убас, еиҳаракгьы Махаз иԥшәма Машьа (Маша) заҟа ихаҭәааз анызба. Шишкин иԥсабараҿы иҟоуп шамаха иумбо аҟазшьа - актиор ихатә ԥсабареи аперсонажи анеилаӡҩо. Ари аҟазшьа иара инаҭоит амыцхә имыркьыкькәа ахәаԥшцәа ргәы ахыхра. Даҽакала исҳәозар, сара саршанхеит Шишкин аԥҳәыс Машьа лроль ихаҵа ԥсабара иахьалиршаз. Акомедиеи аиашахаҭареи ирыбжьаршәны иҟаҵан уи лхаҿы.
Аескиз аҿы ақәыргылаҩ Искандер иепикатә лаф маӡақәа драҩымсыкәа, ахәаԥшҩы дагьархәыцуа, дагьарлахҿыхуа иааирԥшит Махаз (Рубен Депелиан) иԥсҭазааратә трагедиа. Даараӡа илахҿыхын Махаз иԥҳацәа рцәырҵра, зны иҭыԥҳацәаны, зны ахьча иԥсаса ракәны. Араҟа иуԥылон иара убас ҳаамҭазтәи адискотекақәа ирхаҿырбагоу акәашарақәа. Ажәакала, "Ахьча Махаз" ҳадыргалеит ирхәыцгоу, алахҿыхреи ахьааи зцу рҿиамҭаны.
Атеатрҭҵааҩцәагьы иалкааны иазгәарҭеит хыхь сызлацәажәо асценатә елементқәа рынагӡара атәы. Асцена злархиоу аҟаԥшь ԥштәы – ашьоуреи агьангьашреи ирсимволуп уҳәар ауеит, Махаз ашьоура амҩа дызланылаз ала. Иазгәасҭарц сҭахуп аетиуд аҿы акыр ишгәыҭшьаагоу ахьча Махаз (Депелиан) ачемодан ҟаԥшь еихала ианԥиххаауа. Анаҩс акгьы ацҵарагьы аҭахым, ахьча ашьоура дшазцо шьақәырӷәӷәоуп.
Аетиуд иалахәыз Милана Ломиа, Лоида Ҭыркьба (Махаз иԥҳацәа), ақалақь аҿы инхоз рыуа Шьаликәа (Џьамбул Жорданиа) рысценақәа ртәы ҳҳәозар, даара иқәҿиароуп. Актиорцәа иаадырԥшуа адунеи агәра угоит. Маианеи Хьыкәыри ҟазшьала еиԥшым, аха "изыхәлазырбгаз" Шьаликәа инаигӡоз хықәкык акәын, амала еиуеиԥшым ашәыгақәа ихы иархәаны, дара аҭыԥҳацәа рҟазшьақәа зеиԥшраз даԥшны.
Аетиуд "Ахьча Махаз" арежиссиор иусумҭа ахә ҳшьозар зегь реиҳа игәылырҭәааз, зегь реиҳа анаҩстәи аԥеиԥш знубаалоз етиудуп. Искандер иҩышьа стиль иазааигәоуп, аметафорақәа маҷым, ажәала мацара акәымкәа, сцентә бызшәалагьы – актиорцәа рыхәмарреи, асценографиеи еиҿыбааны инагӡоуп. Алабораториа анапхгаҩы Ольга Никифорова аҭыԥантәи ахәаԥшцәа аетиуд ахәшьара бзиа анарҭа ашьҭахь илҳәеит "џьара ак еилаҳгар ҳәа ҳшәон" ҳәа. Атеатрҭҵааҩ дызҿыз, аҭыԥантәи атрадициатә елементқәа рышьҭкаара акәын. Даҽакала иаҳҳәозар, Искандер иепика еиқәырхатәын.
"Ажьабаӷьқәеи арқьымаҭқәеи"
Анаҩстәи аетиуд "Ажьабаӷьқәеи арқьымаҭқәеи" ҳадигалеит арежиссиор Игорь Лебедев. Ари асатиратә повест зегь реиҳа ҳаамҭа ианаало, аполитикатә ԥсҭазааратә цәаҩа знубаало, адрама иахаҿырбагоу рҿиамҭоуп ахәаԥшцәеи атеатрҭҵааҩцәеи иҟарҵоз алкаақәа рыла. Ииашоуп, "Ахьча Махаз" иаҿурԥшуазар, араҟа асцена зынӡа иаартуп, адекорациа ззырҳәо адгалаӡам, макьана аспектакль анаҩстәи астиль нагӡангьы азхәыцра заауп. Аха, араҟа ахархәара амоуп иҭацәу асценаҿы актиорцәа рҟазара мацарала Искандер иметафоратә хәыцрақәа еиқәырханы ахәаԥшҩы итҟәара. Иҟоуп арежиссиор ихы иаирхәаз ашаха хҵәахақәа - арқьымаҭқәа рҟазшьа иасимволны, аха актиорцәа рхаҭа рҟыбаҩ ала аетиуд нагӡан ҳҳәар еиҳа ииашахоит. Уи акыр иуадаҩыз дҵан, аха, иџьоушьаша, русдрамаа уи рылшеит. Даараӡа исцәыуадаҩуп исгәамԥхаз акы алкаара.
Иацы ԥшь-сааҭк инареиҳаны атеатр аҿы исхызгаз саамҭа гьама ҳаракыла ихарҭәааз хәылԥазын ҳәа сахәаԥшуеит. Аамҭа шцозгьы убомызт, аетиуд, нас ахцәажәара, убас хынтә. Исҳәарц исҭаху афантастикатә лакә "Ажьабаӷьқәеи арқьымаҭқәеи" актиортә усумҭала инагӡан ҳәа ауп. Уи аетиуд аҿы арежиссиор уиаҟара "ула дхымслошәа" убоит, аха арольқәа рышьақәыргылара, атеатртә дунеи асахьа аҭыхра уҳәа, иара иоуп аетиуд алҵшәа зыбзоуроу.
Абри аетиуд аҿы иааигәаӡаны лыбла гәыразқәа сырхыԥшылеит актриса Екатерина Барышева ажьа-ахәыцҩы, ареволиуционер ароль аҿы. Актриса уаанӡа ас дааигәаны дсымбацызт, лылшарақәа зеиԥшразгьы сыздыруамызт. Барышева иналыгӡо ажьа-ахәыцҩы ароль зыгәра уго ԥхьагыланы, згәы ҭыӷьӷьа аиаша иашьҭоу, имшәо акәны иубоит. Асцена алшарақәа дууп, уантәи иааиуа амотивқәа угәы дырхаҵоит. Ари аҩыза аԥхьагыла-ажьабаӷь умшәакәа уашьҭаланы уҿыноухаргьы ауеит.
Ари аетиуд аҿы ихәмаруан Анна Гиурегиан, Симона Спафопуло, Ирина Делба уҳәа, зны ижьабаӷьқәоу, зны ирқьымаҭқәоу аперсонажцәа. Аетиуд убас иҟаҵоуп, амчра агараҿы арқьымаҭқәа рымчқәа шеиҳаугьы, ахәыцҩы ицәырҵра аԥсҭазаара абзиа аганахь аҽеиҭанакыр шауа аарԥшуа. Арежиссиор Лебедев иусумҭаҿы ажьа-ахәыцҩы Барышева лынагӡарала аиҭакрақәа раамҭа шааиз ҳныруеит.
"Харлмапои Деспинеи"
Арежиссиортә лабораториа хнаркәшеит Самуркас иетиуд "Харлмапои Деспинеи". Абзиабареи аамҭа хьанҭақәеи реидыслара - абас азаҳҳәар ауеит иҳадгалаз аусумҭа. Ари аетиуд атеатр асценаҿы имҩаԥысуан, ахәаԥшҩы абжьааԥны дахьтәо азал аҿы дыҟан. Егьырҭ аетиудқәа ҩба иреиԥшымызт иара, атеатрҭҵааҩцәа руаӡәы ишазгәалҭаз еиԥш, инагӡоу аспектакль иашьашәалоуп. Ииашаны, араҟа аекспериментқәа рыцәаара еиҳа имаҷуп, арежиссиор иаамҭа кьаҿ иалагӡаны иааирԥшит аспектакь ақәыргылара иқәашьхар, ихы иаирхәо аҿыханҵа угәалазыршәо асценографиа, алашара, амузыка уҳәа аспектакль нагӡа ахаҿра.
Актиорцәа реилазаара атәы ҳҳәозар - Мадлена Барцыц Деспина лроль аҿы, уаанӡа адраматизм зхыҳәҳәыло иаҳдыруаз актриса лакәымкәаны, абзиабаратә романтика дахаҿны даарԥшуп. Акыр илнаалоит актриса Барцыц лыҟәымшәышәра лҽылаҳәаны, шьахәла зроль назыгӡо лаҳәшьаду Хрисула - Наталиа Папасқьыр илыцәганы лыбзиабара лҽахьазааигәалтәуа. Харлампо - Емиль Петров иакәзар, Деспина илыхәмаруа аромантика даҵамхо асценаҿы ифырхаҵа дааирԥшуеит абзиабара дазгәышьуа.
Абраҟа иазгәаҭатәуп, аетиуд алагашьа ухнамхыр шамуа. Лиупчо Спасо, Владимир Ленин ихаҿсахьа аарԥшуа, ҳаиаигоит Искандер ихәыҷра аамҭазтәи ахәыцрақәеи, ажәабжь рҿиареи рхыҵхырҭақәа рахь. Актиор зны д-Ленинуп, зны чагьамтәи персонажуп. Абарҭ астильқәа рынагӡара ҟазшьа ҷыданы ирымоуп русдрамаа. Уи убоит еиҳаракгьы актәи, аҩбатәи аестиудқәа рҿы – ароли автор итексти реилагӡара. Акьанџьатә театр аҿы аихацқәа рымчала ахаҿсахьа шаадырԥшуа еиԥш, РУСДРАМ актиорцәа рҟазарала ароли автор итексти абырсааҭк иҭагӡаны еиҭнырыԥсахлоит.
"Харлампои Деспинеи" ықәзыргылоз арежиссиор дбырзенуп. Иара иажәақәа рыла, ҩ-сааҭк ирылагӡаны иӡбан алабораториа иалахәхара азҵаатәы, избанзар иаараны иҟаз арежиссиор игәы бзиамхеит. Василиос Самуркас иҳәеит Искандер ирҿиамҭаҿы иаарԥшыз абырзенцәа ртрагедиа агәацԥыҳәара шинҭаз ари аус аҽалархәразы.
РУСДРАМ имҩаԥнагаз арежиссиортә ԥышәараҿы иаарԥшуп Искандер ирмарианы иҳадигало иуадаҩу азҵаатәқәа рхаҿра. Аескизқәа зегь ахәаԥшцәеи атеатрҭҵааҩцәеи иандырбаха ашьҭахь, ахцәажәарақәа рнаҩсан, иҟан маӡалатәи ахәаԥшцәа рыбжьаҭара. Дук хара имгакәа атеатр иҳаланаҳәоит аиааира згаз аетиуд арбану. Ҳара ахәаԥшцәа шьахәла атеатр аҿы ҳаамҭа ҳахганы ҳаҩныҟақәа рахь ҳгьежьит, алабораториа алҵшәақәа анҳаҳалак, аӡбацәеи ҳареи ҳгьамақәа еиқәшәо еиқәымшәо ҳрызхәыцуа.