Аԥсны

Алаҳаӡы амшын аҿықәан игылоу аҩнқәа аӡы рыҵалеит

Амшын еиқәа аҿықәан ацәқәырԥара ду, амшцәгьа ҟалеит абҵара 26-27 рухазы. Еиҳарак ааха роуит Ҟрыми Краснодартәи атәылаҿацәи, амшцәгьа Аԥснынӡагьы иааит.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 27 – Sputnik, Бадри Есиава. Алаҳаӡы ақыҭан амшын аҿықәан игылоу аҩнқәа аӡы рыҵалеит. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит ақыҭа ахада ихаҭыԥуаҩ Мукаил Каишиан.
"Аӡы шаац иаауеит. Аԥшаҳәа аԥхасҭа ду аиуит. Акаҳуажәырҭақәа зегьы ықәнагеит, ахатәыҩнқәа аӡы рыҵалеит. Уажәазы жәа-ҭыԥк ртәы здыруеит, аха иаҳа ииашоу адыррақәа уаҵәы иҟалоит", - иҳәеит иара.
Каишиан иажәа иацҵо иҳәеит аҭыԥантәи аԥсыжырҭақәа аӡы шрыҵалаз, ацитрустә совхоз аҿы аԥша аҵлақәа шканажьыз. Амш шьақәгылаанӡа аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥгара аҵакы амам.
Иара убас, ақыҭаҿы џьара-џьара алашара ыҟам. "Амшынеиқәафымцамч" аусзуҩцәа уи аҭыԥ ақәҵара иаҿуп шьыжьаахыс.
Амшын еиқәа аҿықәан ацәқәырԥара ду, амшцәгьа ҟалеит абҵара 26-27 рухазы. Еиҳарак ааха роуит Ҟрыми Краснодартәи атәылаҿацәи, амшцәгьа Аԥснынӡагьы иааит.
Аԥсны
Пицунда амшын хыҵын, аԥхынтәи акаҳуажәырҭақәа еиланажьит, аҵлақәа канажьит