АҞӘА, абҵара 27 - Sputnik. Гагра араион аҿы афымцалашара аганахьала ауадаҩрақәа шыҟац иҟоуп ҳәа аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч".
Вольтҳарак цәаҳәак ыцәеит Пицунда, даҽакы - Алаҳаӡы ақыҭан, рыҩџьарагьы аремонттә усурақәа мҩаԥыргоит.
Гагра ақалақь аҩнуҵҟа лашарада иаанханы иҟоуп Абазгаа рымҩаҿы игылоу аҩнеихагылақәа - уа аҩнқәа рыӷәраҵақәеи афымцеихшарҭақәеи аӡы рыҵалеит, аусурақәа ирылагоит аӡы анцалак. Бзыԥҭа аҳаблан афымцалашара еиҭашьақәыргылоуп.
Иазгәаҭоуп амш макьана ибааԥсуп, аӡы акырџьара иацло иаауеит ҳәа.