Урыстәыла

Амшынеисра иахҟьаны Белиз абираҟ зхагылаз аӷба Анапа аӡӷӷараҿ игылт

Краснодартәи атәылаҿацә аҿы амшцәгьазы ауаа ргәы рҽанҵоуп. Аҳауагәаҭаҩцәа абҵарамза 27 рзы ақәаршыҩ ӷәӷәеи секундк ала 35 метра иасуа аԥшатлакәи азԥхьагәарҭоит.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 27 - Sputnik. Амшынеисра бааԥс Анапа аԥшаҳәаҿы Белиз абираҟ зхагылаз аӷба аӡӷӷарахь инанагеит , абри атәы аанацҳауеит Амшыни аӡиас транспорти рфедералтә маҵзура.
"Уажәы аӷба аӡӷӷара ихгылоуп аҟәара иазааигәаӡаны. Амшынеиқәырхаҩцәа Урыстәыла АҶА рыцырхыраан аиқәырхаратә операциа аплан шьақәдыргылоит", - ҳәа ануп адырраҭараҿы.
Аӷба "Blue Shark" Тамань абаӷәазаҿы арыц ақәнаҵон Египетҟа ицарц. Амшцәгьа шыҟало азы агәҽанҵара аныҟала, уи аԥырсал аушьҭны иаангылеит, аха 23:00 рзеиԥш аԥшаӷьы ҟалан, ацәқәырԥақәа шьҭыҵын, аӷба шьҭыхны аԥшаҳәахьы иргеит, аӡӷӷара иқәнагалеит.
Аӷба иақәтәан аекипаж иалаз 21-ҩык, урҭ Египет, Шьамтәыла, Индиа ртәылауаа роуп. Анефҭаалыҵ амшын иаламҭәаӡеит.
Амшынеисра бааԥс ҟалеит Урыстәыла амшынеиқәаҿтәи аԥшаҳәаҿы абҵара 26-27 руха. Ҟрым аԥшатлакә 144 км/с аццакра аман, аӡәы хабарда дыбжьаӡит, быжьҩык аахақәа роуит. Аӡиас Бельбек хыҵит, Севастополь зыҩны аӡы ыҵалаз ауаа рҭыԥ иахыргеит, лашарада миллионбжаҩык ауаа аанхеит.
Ҟәбина аԥшатлакә иахҟьаны аҵлақәеи ашьаҟақәеи каҳаит, хәҩык аахақәа роуит. 250 ҵла рҟынӡа каҳаит, Еиск 40-ҩык рҟынӡа ауаа рыҩнқәа ирдәылыргеит аӡы рыҵалоит ҳәа ашәарҭара ахьыҟаз иахҟьаны, ҩнқәак рхыбқәа рыхнахит.