Аԥсны

Аԥсны акультуратә афиша: аспектакльқәа, “Аҟыбаҩ злоу Еҵәаџьаа”, ашықәсҿыцазтәи аџьармыкьа

Аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik Аԥсны есымчыбжьа ишәыднагалоит ареспубликаҿы имҩаԥысуа атеатртә қәгыларақәа, афилармониатәи аестрадатәи аконцертқәа, ацәыргақәҵақәа уҳәа жәпакы разгәаҭа.
Sputnik
Абҵара 27 инаркны ԥхынҷкәын 3-нӡа Аԥсны имҩаԥысуа акультуратә хҭысқәа - Sputnik аматериал аҿы.
Sputnik
Ҳазҭалаз амчыбжь азы Фазиль Искандер ихьӡ зху Аурыс драматә театр аҿы ҩ-спектакльк ддырбоит.
Абҵара 28 асааҭ 19:00 рзы иҟалоит "Ишьаарҵәырахаз ачара", арежиссиор Мариа Романова иқәлыргылаз. Аспектакль аиспан драматург Федерико Гарсиа Лорка ипиесала иқәыргылоуп, уи аҟны еиҭаҳәоуп изқәиҭым абзиабареи ашьоуреи.
Абҵара 29 асааҭ 19:00 рзы иқәдыргылоит "Кьоџьаа рҭыӡшәа", аиталиатәи ашәҟәыҩҩы Карло Гольдони ипиеса иалху акомедиа, арежиссиор - Александр Кочеруков. Акгьы зҭахым азыҳәан аимак зыбжьалаз ҩ-ҭаацәарак аиӷьара ду рыбжьалоит, уи рҽаларгалоит егьырҭ аперсонажцәагьы.
Аԥсны
Ирмарианы иуадаҩу азҵаатәқәа рхаҿра: РУСДРАМ алабораториа иазкны
Аԥснытәи аҳәынҭфилармониаҿы абҵара 28 асааҭ 19:00 рзы имҩаԥысуеит ашоу “Apsny Star” афиналбжа, абҵара 30 асааҭ 18:00 рзы “Аҟыбаҩ злоу Еҵәаџьаа” агала-концерт ҟалоит.
Ԥхынҷкәын 1 асааҭ 19:00 рзы имҩаԥысуеит Ҟабарда-Балкариа жәлар рартист, Адыгеиа аҟазара зҽаԥсазтәыз аусзуҩ Мураҭ Кабардоков ирҿиаратә хәылԥазы.
Акультура-усутә ҭыԥ "Гәыма" аҿы абҵара 27 асааҭ 13:00 рзы имҩаԥысуеит асахьа "Аҭаацәа" ала аҟазара-класс 6-13 шықәса зхыҵуа ахәыҷқәа рзы. Ԥхынҷкәын 2 рзы - асааҭ 11:00 инаркны 19:00 рҟынӡа - ашықәсҿыцазтәи аџьармыкьа.