Аԥсны

Габелаиа еиҭеиҳәеит Очамчыра амшцәгьа иҟанаҵаз аԥхасҭа атәы

Амшын еиқәа аҿықәан ацәқәырԥара ду, амшцәгьа ҟалеит абҵара 26-27 рухазы. Еиҳарак ааха роупит Ҟрыми Краснодартәи атәылаҿацәи, амшцәгьа Аԥснынӡагьы иааит.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 27 - Sputnik. Аԥшатлакәи амшынеисреи Очамчыра араион уамак аԥхасҭа азнамуит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит араион ахада ихаҭыԥуаҩ Артимон Габелаиа.
Иара иажәа иацҵо иҳәеит ҭыԥқәак рҿы аԥша аҵлақәа канажьит, урҭ афымцацәаҳәақәа ԥнаҵәеит ҳәа. Амш иалагӡаны аусурақәа мҩаԥгахоит, ауаа алашара роуртә иҟалоит.
Очамчыра ақалақь аҿы ацәқәырԥақәа аҟәара агәамсам рацәаны иқәнажьит, уажәы акоммуналтә усзуҩцәа уи ақәгара иаҿуп.