АҞӘА, абҵара 27 - Sputnik, Бадри Есиава. Гәдоуҭа араион ахәҭак лашарада иаанхеит афымцацәаҳәақәа ахьԥҵәаз иахҟьаны, абри азы адырра ҟаиҵеит "Амшынеиқәафымцамч" Гәдоуҭатәи афилиал аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Денис Ажьиба.
Иара иазгәеиҭеит уажәазы лашарада ишыҟоу Ацҳанырцә (Замостянка), ԥыхьатәи "Аргылаҩцәа" рсанатори, Ҟәланырхәа ақыҭа ахәҭак инхо ауаа.
Аремонттә бригада аҭыԥ ахь инеит, афымцамҩангагақәа ахьԥҵәаз иашьҭоуп, аха макьана ирԥыхьамшәаӡацт.
Иара убас ашәахьа ашьыжь Хыԥсҭа ақыҭан афымцацәаҳәақәа ҩ-ҵлак рықәҳан иԥҵәеит. "Амшынеиқәафымцамч" аҵлақәа ԥҟаны аремонт иалагеит.