"Аҟыбаҩ злоу Еҵәаџьаа" аихшьаалатә концерт мҩаԥгахоит абҵара 30 рзы. Иара еиҿнакаауеит Иван Кортуа ихьӡ зху Аԥсны Жәлар рҟазара ареспубликатә центр. Уи анапхгаҩы Нури Кәарҷиа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит збаҩхатәра аарԥшра зылшо, амузыка иазҟазоу аҿарацәа сынтәатәи рылшарақәа зеиԥшроу, урҭ арҿиаратә гәацԥыҳәара рыҭаразы иахьынӡацхыраагӡоу ас еиԥш аицлабрақәа рымҩаԥгара.
"Ари ныҳәак ирзаҩызоуп (аицлабра иалахәу - азгә.). Дара есҽны асцена аӡәгьы ириҭаӡом, аҽазыҟаҵара аума аџьабаа адырбалоит. Ныҳәак еиԥш иазныҟәоит ақәгылара, иацклаԥшны рхы аус адырулоит. Иахьа аҭаацәа рхәыҷқәа рзы рыԥсы ҭырхуеит, узрыцхраар, "иҭабуп" аҳәашьагьы рдыруеит", - иҳәеит Кәарҷиа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.