Ацәқәырԥа дуқәа хыҵит Аԥсни Урыстәылеи амшынеиқәаҿтәи рыԥшаҳәаҿы, Гагра араион аҿы ахыбрақәа ааха рынаҭеит.
"Амшын ааигәара игылаз аҩнқәа зегьы аӡы рыҵалеит, ауаа дәылаҳгон. Асасаирҭақәа, ақьафурҭақәа рсаркьақәа ԥыҽҽуп, аӡы аҩнуҵҟа иҩналеит, абӷанҷ ҭанаԥсеит. Иахьазы лашарада иаанхаз аҩнқәа маҷуп, дара урҭӷьы иаарласны ироуран иҟоуп. Аиқәырхаҩцәа, акоммуналтә усбарҭақәа русзуҩцәа, афымцаҟаҵаҩцәа, зегьы аус руеит. Аӡы змам ауааԥсыра аӡрыжәтәла еиқәҳаршәоит, аӡы зҵоу аҩнқәа ҳрыцқьоит, амҩадуқәа ҳаӡәӡәоит", - ҳәа еиҭеиҳәеит иара.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.