АҞӘА, абҵара 28 - Sputnik. Адунеи аҟны аҳра аанызкылар зҭаху рымҩа иаԥынгылаз Урыстәыла ауп, атәыла адунеи зегь аҟны ахақәиҭра иазықәԥоит ҳәа иҳәеит Урыстәыла Афедерациа ахада Владимир Путин.
"Аҭоурых аҟны акырынтә ишыҟалахьоу еиԥш, хықәкыла ҳара ҳтәыла, аурыс дунеи ауп иахьа адунеи аҳратәра аанкылара иашьҭоу рымҩа иаԥынгылаз. Ҳара иахьа Урыстәыла ахақәиҭтәра мацара азы акәӡам, ҳара ҳаибашьуеит адунеи зегь азы", - ҳәа иҳәеит Путин Адунеизегьтәи аурыс жәлар Ақьырсиан-динмаҵзуҩцәа реизараҟны иқәгылараан.
Иазгәеиҭеит, Урыстәыла аԥхьагылара шаанарԥшуа ииашан аԥсҭазаара ашьақәыргылараз. Урыстәыла ахада иҳәеит, ихьыԥшым иӷәӷәоу Урыстәыла ада иҭышәынтәалоу аҭынчԥсҭазаара шзыҟамло.